Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҬААЦӘАРАҚӘА РЗЫ АЦХЫРААРА

Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара

Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара

 Ухатә ҩыза угәы узырхьуа ак иҳәоит, мамзаргьы угәы узырхьуа ак ҟаиҵоит, аха уара агәыԥжәара уҽауҭаӡом. Ухатә ҩыза ак шыҟалаз гәеиҭоит, насгьы иҟалаз еиликаарц дашьҭалоит. Аха уи уара еиҳагьы угәы ԥнажәоит. Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа уанрықәшәо?

 Иудыруазар ахәҭоу

  •   Агәыԥжәара угәабзиара иазеицәахар алшоит. Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны, агәыԥжәара ашьа́қәыӷәӷәара ханагалоит, агәыхьи адепрессиеи цәырнагоит, насгьы афатәрсара иаԥырхагахар алшоит. Агәыԥжәара иахҟьаны ауаҩы дызмыцәо далагар алшоит. Иара убас изцәырҵыр ауеит ацәа чымазарақәа, агәҭынчымра, адабла исыргьы ҟалоит. Абиблиаҿы баша ианӡам: «Агәаара уаҟәыҵ, угәыԥжәара ааныжь» (Аԥсалом 36:8, АԤ).

  •   Агәыԥжәара аанкыларагьы ауаҩы иԥырхагоуп. Зегьы рзы еснагь угәы ԥжәозар, уи ачымазара еиԥш иуԥырхагахар ауеит. Иаҳҳәап, уара абзиабара аарԥшра уцәыцәгьахар, ма еснагь агәынамӡара аарԥшра уалагар алшоит. Ари аҩыза агәазыҟашьа аҩнаҭаҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа цәырнагоит.

 Иҟауҵар улшо

  •   Ухатә ҩыза илоу абзиарақәа гәаҭала. Еиқәыԥхьаӡа ухатә ҩыза илоу уара иугаԥхо х-ҟазшьак. Даҽазны ухатә ҩыза угәы анԥижәо, иугәаларшәа урҭ аҟазшьақәа. Уи агәыԥжәара аҽамҭара иуцхраауеит.

     Абиблиатә принцип: «Аџьшьарагьы аашәырԥшла» (Кәаласаа рахь 3:15, АдҾ).

  •    Анажьра уазхиаз. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уҽазышәа аҭагылазаашьа ухатә ҩыза ихәаԥшышьа ала ахәаԥшра. Усҟан ицәаныррақәа еиӷьны реилкаара уалагоит, Абиблиаҿы уи агәрыцҳашьара ахьӡуп (1 Пиотр 3:8). Анаҩс ухы уазҵаа: «Убриаҟара иӷәӷәоума ауадаҩра, сара ианасмыжьыртә еиԥш?»

     Абиблиатә принцип: «Иара дзырԥшӡогьы аӡә игха ихы ахьазимышьҭуа ауп» (Ажәамаанақәа 19:11).

  •    Хаала, насгьы қьиарала угәы иалоу ҳәа. Уцәаныррақәа урылацәажәала. Иаԥсам аҳәара: «Уара зынӡа усызхәыцуам, аҭелгьы усзамысит уахьыҟоу соуҳәарц азы!» Уи аҭыԥан абас уҳәар еиӷьуп: «Сара сгәы ҭынчмызт, избанзар аҵх цахьеит, схахьы иҟоу зегь ааиуан». Хаала уцәаныррақәа анааурԥшуа, уи агәыԥжәара аҽамҭара иуцхраауеит.

     Абиблиатә принцип: «Шәажәақәа еснагь ахаара рыҵазааит» (Кәаласаа рахь 4:6, АдҾ).

  •    Патуқәҵарала уӡырҩла. Уажәшьҭа, уцәаныррақәа ртәы анеиҭоуҳәа, ухатә ҩыза иажәа ԥымҟакәа игәаанагара ирҳәа. Ухатә ҩыза ацәажәара даналгалак ашьҭахь, ииҳәаз ииашаны ишеилукааз агәра угарц азы иажәақәа еиҭаҳәа. Апатуқәҵара аарԥшны ухатә ҩыза уизыӡырҩуазар, угәыԥжәара аанкылара еиҳа иузымариахоит.

     Абиблиатә принцип: «Шәарҭ ацәажәара, ажәаҳәара раасҭа аӡырҩра шәазыхиазааит» (Иаков 1:19).