Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 5

Иџьоушьаша Анцәа иусқәа

Иџьоушьаша Анцәа иусқәа

(Аԥсалом 139)

  1. 1. Иегова, зегь хәыц-хәыц иудыруеит,

    Уа улаԥш хаа сацәыбналан сызцом.

    Сыԥсҭазаара цқьаны са имҩаԥызгоит,

    Сгәы иҵоу схәыцрақәа

    умдыркәа ҟалаӡом.

    Иубарҭан сшыҿиауаз мгәарҭаҵәҟьа,

    Уара иудыруеит сымҩақәа зегьы.

    Убзиабара агәра згеит схаҭаҵәҟьа,

    Уус иџьоушьаша

    ҳараскуеит есқьынгьы.

    Ҳаҭыр ду сзақәуп угәҭакы лашара,

    Урҿиамҭа ссирқәа аҽхәаԥхьыӡ иаԥсоуп.

    Ушамҭа зегь иахаҵәаргь алашьцара,

    Сацәыӡрым удоуҳа цқьа, агәра гоуп.

    Сынцәа, издыруеит сахьцалакгьы,

    Уа улаԥш хаа сацәыбналан сызцом.

    Схәашар асабеиԥш, ажәҩанахь сагаргьы,

    Бзанҵы уҿаԥхьа, Саб,

    акымзарак узӡом.

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 66:3; 94:19; Иер. 17:10.)