Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 5

Иарбан тема хадоу Абиблиа иану?

«Сара аԥҳәыси уареи аиӷара шәыбжьалартә иҟасҵоит, уара иухылҵуеи лара лхылҵи рыбжьарагьы аиӷара бжьасҵоит. Уара уи ишьхәа уацҳауеит, иара ухы даӷрагыланы ирҟьацуеит»

(Аҟазаара 3:15).

«Иухылҵуа ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегь ныҳәахоит, избанзар уара сара усзыӡырҩит»

(Аҟазаара 22:18).

«Иааиааит Уаҳра. Иҟалааит уара иуҭаху ажәҩан аҿы еиԥш, адгьыл аҿгьы»

(Матфеи 6:10).

«Иаарласны аҭынчра ҳазҭо Анцәа амчра шәиҭоит, Аҩсҭаа дыцҟьа-шәҟьа дықәышәҵарц азы»

(Римаа 16:20).

«Анцәа зегьы Иԥа ишьапаҿы ианышьҭеиҵалак, Аԥа ихаҭагьы ишьапаҿы зегь шьҭазҵаз Анцәа инапы зегь аниҵоит, Анцәа зегьы рзы зегь иакәны дҟаларц азы»

(1 Коринфаа 15:28).

«Анцәа ажәа зиҭаз Авраами уи ихылҵи роуп. ...Уи — Христос иоуп. Христос шәитәызар, Авраам ихылҵыз шәакәҵәҟьоуп»

(Галатаа 3:16, 29).

«Уажәшьҭа Ҳанцәеи Ҳанцәа Христос иакәны иалихызи Раҳра ауаа зегьы напхгара рызнауеит, иара наӡаӡа аҳас дыҟазаауеит»

(Аатра 11:15).

«Убас агәылшьаԥ ду — ажәытә маҭ — адунеи зегь зжьо, Аџьныши Аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу, алырбганы адгьыл ахь икажьын, иалырбганы икажьын уи амаалықьцәагьы»

(Аатра 12:9).

«Иара агәылшьаԥ, ажәытә маҭ, ааи, Аџьныш Аҩсҭаа дыкны, 1000 шықәса ҳәа деиқәԥах дҿеиҳәеит»

(Аатра 20:2).