Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

А3

Абиблиа ҳара ҳҟынӡа ишааз

Абиблиа Автор уи ашәҟәы ҳара ҳҟынӡа иаарц азы еиқәирхеит. Иара иоуп изҭаххаз Абиблиа абарҭ ажәақәа аныларц:

«Иегова иажәа наӡаӡа иҟазаауеит» (1 Пиотр 1:25).

Ауриатә-арамеитә Ҩырақәеи a Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәеи роригиналтә манускриптқәа иахьанӡа ишнымхазгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иахьа иҳамоу Абиблиа атекст раԥхьа аоригинал ианыз ишақәшәо. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

АХҨЫЛААҨЦӘА АНЦӘА ИАЖӘА ЕИҚӘДЫРХЕИТ

Ауриатә Ҩырақәа ртәы ҳҳәозар, урҭ реиқәхара зыбзоурахаз Анцәа ажәытәан Иажәа хырҩылааларц азы иаԥиҵаз аҵас ауп b. Иаҳҳәап, Иегова израильтәи аҳцәа иреиҳәон рхазы Анцәа изакәан хырҩылааларц (Ҩынтәзакәан 17:18). Уи адагьы, Анцәа алевитцәа изакәан рыхьчаларц, насгьы уи ауаа иддырҵаларц рыдиҵеит (Ҩынтәзакәан 31:26; Неемиа 8:7). Аиудеиаа вавилонтәи атҟәара аҟынтә ианыхынҳә ашьҭахь, асоферимцәа ҳәа изышьҭаз ахҩылааҩцәа ҟалеит (Ездра 7:6). Урҭ рыбзоурала ԥыҭрак ашьҭахь Ауриатә Ҩырақәа злашьақәгылоу 39 шәҟәы рыхҩылаақәа рацәахеит.

Иаҳҳәар ҳалшозеи Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа злашьақәгылоу 27 шәҟәы ирызкны? Урҭ ашәҟәқәа зҩыз Иисус иапостолцәа шьоуки егьырҭ ақьырсианцәеи роуп. Ауриатә хҩылааҩцәа ирҿыԥшны раԥхьатәи ақьырсианцәа урҭ ашәҟәқәа хырҩылаауан (Колоссаа 4:16). Римтәи аимператор Диоклетиани егьырҭ ауааи раԥхьатәи ақьырсиантә ҩырақәа рықәхра иашьҭан. Ус шакәугьы, зқьыла аманускриптқәеи урҭ рыхәҭақәеи еиқәхеит.

Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭаган. Абиблиа злеиҭагаз ажәытә бызшәақәа иреиуоуп аерман бызшәа, акопт бызшәа, аефиоп бызшәа, ақырҭуа бызшәа, алаҭын бызшәа, сириатәи абызшәа.

АРИ АИҬАГА ШЬАҬАС ИАИУЗ АТЕКСТ

Ажәытә библиатә манускриптқәа ирну ахьеиқәымшәо ыҟоуп. Нас, излеилаҳкаарызеи аоригиналтә текст ианыз?

Иааҳгап ҿырԥштәык: арҵаҩы 100-ҩык аҵаҩцәа иреиҳәоит ашәҟәы иану хык хырҩылаарц. Аҵаҩцәа гхак-гхак ҟарымҵар ауам, аха зегьы рыгхақәа еиԥшхаӡом. Аоригиналтә текст ыӡыргьы, аҵаҩцәа иҟарҵаз шә-копиак анеиҿурԥшлак, аоригиналтә текст зеиԥшраз убоит. Убас еиԥш аҵарауаа зқьыла аманускриптқәеи урҭ рыхәҭақәеи анеиҿдырԥшуа, ахҩылааҩцәа иҟарҵаз агхақәа гәарҭоит, аоригиналтә текст зеиԥшразгьы рбоит.

«Ауасиаҭ Ҿыц иамоу ашьақәырӷәӷәарақәа еиҳа еиҳауп гәрамгарҭас аӡәгьы ахаан ишьҭимхуа аклассикатә шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирымоу ашьақәырӷәарақәа раасҭа».

Иабанӡеиқәшәо ҳара ҳҟынӡа иааз Абиблиа атексти аоригиналтә тексти? Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа, ма Ауасиаҭ Ҿыц, иазкны абиблиаҭҵааҩ Фредерик Бриус иҩит: «Ауасиаҭ Ҿыц иамоу ашьақәырӷәӷәарақәа еиҳа еиҳауп гәрамгарҭас аӡәгьы ахаан ишьҭимхуа аклассикатә шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирымоу ашьақәырӷәӷәарақәа раасҭа». Иара убас иҳәеит: «Ауасиаҭ Ҿыц идинтәым адокументқәа реизга акәызҭгьы, аспециалистцәа зегьы уи ахаан гәрамгарҭас ишьҭыхтәым ак еиԥш иахәаԥшлон».

Иԥсу амшын ашәҟәеикәарҳәқәа рҿы Исаиа ишәҟәы 40-тәи ахы (125—100 шш. ҳ. ҟ.)

Зқьышықәсаҟа рышьҭахь иҩыз амасореттә текст ианаҿдырԥш, еиқәымшәара хәыҷқәак роуп ирбаз, урҭ еиҳарак аҩышьаԥҟарақәа ракәын изыдҳәалаз.

Алепптәи акодекс — пату зқәырҵо амасореттә манускрипт — аҟынтә Исаиа ишәҟәы 40-тәи ахы (930 ш. шыҟаз ҳ. ҳ.)

Абырзен текст. XIX ашәышықәса анҵәамҭазы аҵарауаа Б. Весткотти Ф. Хорти аоригиналтә текст еиҳа иазааигәаз абырзен текст дырхиарц азы уи аамҭазы ирымаз аманускриптқәа еиҿдырԥшит. Урҭ русумҭа ауп XX ашәышықәса азбжазы аиҭага «Адунеи Ҿыц» акомитет иалахәыз реиҭага шьаҭас иаиуз. Урҭ иара убас рхы иадырхәон II-III ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҩыз апапирусқәа. Уи аахижьҭеи егьырҭ апапирусқәагьы ԥшаан. Иара убас ԥыҭрак ашьҭахь ицәырҵит аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа зныԥшуаз Нестле — Аланд русумҭеи Еиду абиблиатә еиҿкаарақәа русумҭеи. Урҭ аҭҵаарақәа ари аиҭагагьы ианыԥшит.

Хыхь зыӡбахә ҳәаз атекстқәа иаадырԥшуеит еиҳа иажәу аиҭагақәа рҿы (иаҳҳәап, Акрал Иаков и-Библиа, насгьы Асинодалтә еиҭага) Абырзен Ҩырақәа рҟынтә жәеинраалақәак ахҩылааҩцәа ишацырҵаз, урҭ ахаангьы Анцәа идоуҳала иҩу Аҩыра ишахәҭакмыз. Абар зыӡбахә ҳәоу ажәеинраалақәа: Матфеи 17:21; 18:11; 23:14; Марк 7:16; 9:44, 46; 11:26; 15:28; Лука 17:36; 23:17; Иоанн 5:4; Аусқәа 8:37; 15:34; 24:7; 28:29; Римаа 16:24. Абиблиа аиҭагақәа жәпакы рҿы арҭ ажәеинраалақәа уԥылаӡом, аха XVI ашәышықәсазы ирыдыркылаз ажәеинраалақәа рнумерациақәа ааныжьуп. Ари аиҭагаҿы ибжьажьу ажәеинраалақәа рномер ашьҭахь аҵәаӷәеи албаага адыргеи гылоуп.

Уи адагьы, еилыкка иубарҭоуп Марк иҟынтә Аевангелие икьаҿу аҵыхәтәажәеи иауу аҵыхәтәажәеи (16-тәи ахы, ажәеинраалақәа 9—20) аоригиналтә текст аҿы ишыҟамыз, иара убас ишыҟамыз еиҭагақәак рҿы Иоанн 7:53—8:11 аҿы иуԥыло ацыԥҵәаха. Убри аҟынтә урҭ ацыԥҵәахақәа ари аиҭагаҿгьы иуԥылаӡом.

Жәеинраалақәак реиҿартәышьа аҵарауаа иахьатәи аамҭазы еиҳа аоригинал иазааигәоуп ҳәа ирыԥхьаӡо атекст инақәыршәаны иԥсахын. Иаҳҳәап, аиҭага «Адунеи Ҿыц» аҿы Матфеи 7:13 аҟны иануп: «Агәашә ҭшәа ала шәҭалала, избанзар аҭахара-ақәӡаара ахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭбааҭыцәуп». Еиҭагақәак рҿы ажәеинраала аҩбатәи ахәҭаҿы ажәа «агәашә» ыҟаӡам. Аха еиҳа инарҵауланы иҟаҵаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аориганалтә текст аҿы уи ажәа уа ишгылаз. Убри аҟынтә ари аиҭагаҿы уи ажәа ацҵан. Убас имаҷу аԥсахрақәа даҽа жәеинраалақәак рҿгьы иҟаҵан. Аха урҭ рҟынтә акызаҵәыкгьы абиблиатә жәабжь аҵакы амԥсахӡеит.

2 Коринфаа 4:13—5:4 аҿы иаагоу атекст зну апапирус (200 ш. шыҟаз ҳ. ҳ.)

a Анаҩс урҭ Ауриатә Ҩырақәа ҳәа рзаҳҳәалоит.

b Аманускриптқәа рыхҩылаара иҵегь изаҭахыз атекст зныз аматериал анҵыра ахьамамыз азоуп.