Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 3

Изҩыда Абиблиа?

«Моисеи Иегова иажәақәа зегь аниҵеит»

(Ақәҵымҭа 24:4).

«Даниил ԥхыӡла Анцәа ихаҿы иааигаз ахҭысқәа ибеит. Иара иибаз ак агмыжькәа зегь аниҵеит»

(Даниил 7:1).

«Ҳара ҳҟынтә Анцәа иажәа аншәаҳа, уи ауаҩы иажәа еиԥш акәымкәа, иара шыҟаҵәҟьоу — Анцәа иажәа еиԥш — [ишәыдышәкылеит]»

(1 Фессалоникаа 2:13).

«Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп, уи хәарҭоуп ауаа аҵара рырҵаразы»

(2 Тимофеи 3:16).

«Ауаа ахаангьы ԥааимбаражәакгьы рхы иҭырымҳәааӡацызт, дара иԥшьоу адоуҳа ишрыҵанаҳәоз еиԥш ауп Анцәа иажәақәа шырҳәоз»

(2 Пиотр 1:21).